Bursa Abhaz Kültür Derneği

Bursa Abhaz Kültür Derneği Vardık,varız,var olacağız!
Ҳаҟан, ҳаҟауп, ҳҟалоит!

19/08/2026
19/08/2026
19/08/2026

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аколлектив 95-тәи атеатртә сезон ахыркәшара рыдиныҳәалеит:

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аколлектив! Гәахәара дула ишәыдысныҳәалоит 95-тәи атеатртә сезон қәҿиарала аркра.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ҳаԥсуа милаҭтә культура аиқәырхара, аӡыргара иазку акультуратә хәышҭаара хадақәа ируакуп. Абар, уажәшьҭа шәышықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа театр аҟазарала хьӡи-ԥшеи аманы иааиуеит. Ари Аԥсны иҟоу атеатрқәа рҟынтәи, иахьа аус зуа ижәытәӡатәиу театруп. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы асценаҿы баҩхатәрала, рҟазарала ахәаԥшцәа хырхуан актиорцәа дуқәа. Абри атрадициа иацҵо иаажәгоит иахьа. Иаҳбоит Аԥсуа театр аусура шарҿыцыз, ақәыргыламҭа ҿыцқәа шымҩаԥыжәго.

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит!

Ҽааныбзиала шәнеиааит!»

ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

19/08/2026
19/08/2026

Address

Ürünlü Caddesi
Bursa
16285

Alerts

Be the first to know and let us send you an email when Bursa Abhaz Kültür Derneği posts news and promotions. Your email address will not be used for any other purpose, and you can unsubscribe at any time.

Shortcuts

Share